Ацентр  "Емпатиа" анапхгаҩы – Апенитенциартә усбарҭаҿы Михаил Саакашвили апсихотроптә препаратқәа ирҭон, абарҭ апрепаратқәа ииашамкәа рхархәара афармакологиатә аргәаҟра ауп иаанаго
Ацентр  "Емпатиа" анапхгаҩы – Апенитенциартә усбарҭаҿы Михаил Саакашвили апсихотроптә препаратқәа ирҭон, абарҭ апрепаратқәа ииашамкәа рхархәара афармакологиатә аргәаҟра ауп иаанаго

Уажәазы Саакашвили даҽа усбарҭак ашҟа ииагара ҟалом, избанзар иара асиндром Верникеи,  иара убас, атравма анеҩстәи анервтә абжьысреи адиагноз  изышьақәырҕәҕәоуп, — ари атәы аалыцҳаит ацентр «Емпатиа»  анапхгаҩы Мариам Джишкариани Гортәи агоспиталь аҿы Михаил Саакашвили данылба ашьҭахь.

Лара лажәақәа рыла, апенитенциартә усбарҭаҿы Михаил Саакашвили апсихотроптә препаратқәа ирҭон, абарҭ апрепаратқәа ииашамкәа рхархәара афармакологиатә аргәаҟра ауп иаанаго.

«Конретла апрепарат ахьӡ сҳәар сҭахым, уи анеиролептикуп, рхы иадырхәоит апсихотроптә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы.   Михаил Саакашвили апсихоз шимамыз зегьы аадыруеит. Абри ахәшә русҭавтәи абахҭаҿгьы Гортәи ахәышәтәырҭаҿгьы ирҭон. Ҳара адокументациа ҳаҳәеит, ирҭоз адозақәа аабар ҳҭахуп.

Зыӡбахәы ҳәоу ахәшә зирҭоз еилкаахоит Страсбургтәи аӡбараҿы. Ишыҟазаалак,  апсихотроптә препаратқәа  ииашамкәа рхархәара афармакологиатә аргәаҟра ауп иаанаго.  Уажәазы Саакашвили даҽа усбарҭак ашҟа ииагара ҟалом, избанзар иара асиндром Верникеи,  иара убас, атравма анеҩстәи анервтә абжьысреи адиагноз  изышьақәырҕәҕәоуп. Убри дагьы, иара кыраамҭатәи амлашьра ашьҭахь акрыфара деиҭаалагеит, аиҭашьақәыргылара апроцесс ҩба-хҧа мзы аҭахуп.  Ҳара амониторинг мҩаҧаагоит, адинамика зеиҧшрахо аабап», — илҳәеит  Джишкариани.