Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иҧылеит
Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр, украинатәи молдоватәи иколлегацәа дрыцны, Бриуссель зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа мҩаҧигоит. Иракли Ҕарибашвилии, Денис Шмигали, Наталиа Гаврилицеи  Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иҧылеит аусуратә шьыбжьхьаҿы.
Қырҭтәыла аҧыза-министр игәалаиршәеит  Баҭым Ассоциациатә трио алидерцәа Шарль Мишель илахәызаара ала имҩаҧыргаз аиҧылара, иара ишазгәеиҭаз ала, уи ҳаҧхьаҟа аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҟаҵаз ашьаҿа ҕәҕәа акәын.  Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылеи ассоциациатә  партниорцәеи еиҧҟьарада реиҧылара иазку аинициативала дықәгылеит, иара игәаанагарала, абарҭ аиҧыларақәа ассоциациатә тәылақәа рҿы имҩаҧгатәуп.

Аиҧылараан иазааҭгылеит ҧхынҷкәын 15 рзы имҩаҧысраны иҟоу  „Мрагыларатә партниорра” асаммит,  уи адекларациаҿы Ассоциациатә трио иалахәы атәылақәа рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа раарҧшра аҵакы ду амоуп. Х-тәылак рҧыза-министрцәа даҽазнык рпозициа аадырҧшит,  дара ишырҳәаз ала,   асаммит ашьҭахь, апартниор тәылақәа, Евроеидгыла аџьармыкьа ахархәареи ҳаҧхьаҟа Евроеидгылашҟа аинтеграциеи азы  алшара ҿыцқәа рызцәырҵып ҳәа игәыҕуеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгылаҟны аусеицура арҭбаара аганахьала атәылақәа рыхҧагьы рзы аҵакы ду змоу ахырхарҭақәагьы ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр ҷыдала дазааҭгылеит Қырҭтәыла аиҳабыра рамбициатә план, уи инақәыршәаны, атәыла аиҳабыра, Евроеидгыла алалара амзызла, 2024 шықәсазы аофициалтә азыҳәамҭа аҟаҵаразы рҽазыҟарҵоит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аҵакы ду амоуп асаммит аҵыхәәтантәи адекларациаҿы Қырҭтәыла европатәи аҽазышәара аарҧшреи, атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи. Иара убас, Қырҭтәылазы аҧыжәара амоуп  Евроеидгылаҟны атранспорттәи акоммуникациатәи аимадара арҕәҕәареи абри ахырхарҭала аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи, Евроеидгыла иаку аекономикатә қәыҧшылара алахәызаареи, асектортә усеицура излауа ала арҭбаареи, абри зегьы ассоциациатә тәылақәа Евроеидгылаҟны аинтеграциаҿы ирыцхраауеит.