Ашықәс ҿыцтәи аҧсаҵла хада идырлашоит  ҧхынҷкәын  10 рзы
Ашықәс ҿыцтәи аҧсаҵла хада идырлашоит ҧхынҷкәын  10 рзы

Ашықәс ҿыцтәи аҧсаҵла хада идырлашоит  ҧхынҷкәын  10 асааҭ 20:00 рзы, Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа. Аҳҭнықалақь аиҳабыра реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Ҳаҳҭнықалақь аҿы гәырҕьарала аҧсаҵла хада арлашара традициас ишьақәгылеит. Ҵыҧх инарҭбааны аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара алшара ҳамамызт. Сынтәа, ҧхынҷкәын 10 асааҭ  20:00 рзы, апарламент аҧхьа аҧсаҵла хада ҳарлашоит, ақалақь зегьы аныҳәатә иилиуминациала иҳарлашоит, зехьынџьара  еиуеиҧшым агәырҕьаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. Ҧхынҷкәын 24 рзы ашықәсҿыцтәи ақыҭа ааҳартуеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажақәа рыла, ҧхынҷкәын 31 рзы, раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы аконцерт ду мҩаҧысуеит.