Ашьхашәаҩатә курортқәа рҿы аҧкрақәа аанхоит
Ашьхашәаҩатә курортқәа рҿы аҧкрақәа аанхоит

«Ашьхашәаҩатә курортқәа рҿы ишьақәыргылаз аҧкрақәа аанхоит, иара убас, уажәтәи аетап азы, ақалақьбжьаратә транспортгьы  аанкылоуп», —  абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили.

Лара лҳәамҭала,  ауааҧсыра, ҧасеиҧш, асабрадақәа ныҟәыргалароуп.

«Етапла аҧкрақәа раҧыхра аан авирус аларҵәара аганахьала аҭагылазаашьа еицәахар ҟалом, ҳара хымҧада уи ҳахылаҧшроуп», — илҳәеит Маиа Цқьитишвили.