Ашьапылампыл азы Қырҭтәылеи Испаниеи реизгақәа рматч ахь инарышьҭуеит ахәаԥшцәа 30%
Ашьапылампыл азы Қырҭтәылеи Испаниеи реизгақәа рматч ахь инарышьҭуеит ахәаԥшцәа 30%

Ашьапылампыл азы Қырҭтәылеи Испаниеи реизгақәа рматч ахь инарышьҭуеит ахәаԥшцәа 30%, – ари атәы ааицҳаит Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥысыз абрифинг аҿы.

“Хәажәкыра 28 рзы ашьапылампыл азы Қырҭтәылеи Испаниеи реизгақәа рматч мҩаԥысуеит. Иахьа, акоординациатә хеилак аднакылаз аӡбара инақәаршәаны,арегулиациақәа рыхьчарала аматч ахь инарышьҭуеит ахәаԥшцәа 30%. Иара убас, ӡиудо азы имҩаԥысуа Гранд Слем ахьгьы инарышьҭуеит ахәаԥшцәа 30%,” – иҳәеит Илиа Дарчиашвили Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥысыз абрифинг аҿы.