Асабшазы апарламент аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит
Асабшазы апарламент аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит

Асабшазы апарламент аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит.

Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала,  аиҧылараҿы наҟ-наҟтәи апланқәа ирылацәажәоит.

«Лымкаала, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативла еиқәыршәаз жәашықәсатәи аплан ҳалацәажәоит, аминистрцәеи иашьашәалоу аекспертцәеи аплан аус адырулоит.

Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы амш дук ҳҭахуп,  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент ашҟа днеиаанӡа иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.