Аруаа ҿыццәа арратә ҭоуба шьҭарҵеит Ахалқалақьи иҟоу Алагамҭатә арратә азыҟаҵара ацентр ашықәсхыҵра азгәаҭара аан
Аруаа ҿыццәа арратә ҭоуба шьҭарҵеит Ахалқалақьи иҟоу Алагамҭатә арратә азыҟаҵара ацентр ашықәсхыҵра азгәаҭара аан

Цәыббра 19  —  Заза Ҧераӡе ихьӡ зху Алагамҭатә арратә азыҟаҵара ацентр ашьаҭаркра мшуп. Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  аиубилеи азгәарҭеит ҳаамҭазтәи аинфраструктуреи аинвентари рыла еибыҭоу Ахалқалақьтәи ацентр абазаҿы.

Иахьа уаҟа арратә ҭоуба шьҭарҵеит  140ҩык аруаа ҿыццәа, иахьа инаркны, дара,  Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа еиуеиҧшым ахәҭақәа рҿы еилаӡарала арратә маҵзура иахысуеит.

«2020 шықәсанӡа, Алагамҭатә арратә азыҟаҵара ацентр еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы иҟан. Ахалқалақьи ацентр ҿыц аадыртит  2020 шықәса цәыббразы, аҧыза- министр Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистрс даныҟаз.  Иара иӡбарала, абазатә арратә азыҟаҵара акурс  (BCT) ахысразы ирыдыркылаз аруаа ҿыццәа, аҵара ахьынӡарҵо,  мызкала  500 лари рзыршәоит.  Ацентр аҿы аамҭакла арратә азыҟаҵара иахысуеит   800ҩык аруаа», — иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.