Арчил Ҭалакваӡеи Иракли Кобахиӡеи адипкорпус хаҭарнакцәа ирԥылеит
Арчил Ҭалакваӡеи Иракли Кобахиӡеи адипкорпус хаҭарнакцәа ирԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡеи адипкорпус хаҭарнакцәа ирԥылеит.

Ари атәы Актәи аканал ахь Иракли Кобахиӡе ааицҳаит.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, аиԥылара аҿы анапхгареи аопозициеи рхаҭарнакцәа рыбжьара имҩаԥысуа еилацәажәарақәа рыхцәажәеит.

Аиԥылара Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ирезиденциаҿ мҩаԥысит, иҟоу адыррақәа рыла, аиԥылара далахун ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.