Арчил Ҭалакваӡе Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит
Арчил Ҭалакваӡе Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе Шида Қырҭли, Қвемо Ҷалеби ақыҭаҿ импыҵахалоу Цхинвали де-факто анапхгара рхаҭарнакцәа изакәанымкәа иааныркылаз Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит.

Арчил Ҭалакваӡе ицын Гории Каспии рҟынтә амажоритари депутат Гиорги Хоџьеванишвилии, атәылаҽацә агубернатори, аҭыԥнтәи халанапхгараҭаратә мчра ахаҭарнакцәеи.

Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, Арчил Ҭалакваӡе Заза Гахелаӡе иҭаацәара апарламент ахьӡ ала адгылара рзааирԥшит. Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла,  изакәанымкәа иаанкылоу Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы Қырҭтәыла анапхгара алшо зегь ҟанаҵоит.