Арчил Ҭалакваӡе, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳасабала, инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Арчил Ҭалакваӡе, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳасабала, инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Арчил Ҭалакваӡе, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳасабала, инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Иара ари атәы ааицҳаит «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҿы имҩаҧгаз апарламенттә аиҳара реиҧылара ашьҭахь. .

«Мызқәак инагӡоз, иуадаҩӡаз аиҿцәажәарақәа аиқәшаҳаҭрала ихыркәшан. Арҭ аиҿцәажәарақәа срылахәын  апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахьӡала.  Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аполитикатә процесс ииашаны амҩаҧгаразы, апарламент ахантәаҩы иҭыҧ иаҳа инеитралу ахаҿы ааникылар бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Убри аҟынтә, ҳара аротациа мҩаҧаагарц ҳаӡбеит.  Уажәы, апарламент аҿы аоппозициаа рхаҭарнакра андуу, сара, апарламент аспикер иҭыҧаҿы акәымкәа,  азал аҿы сколлегацәа рывара исҭыҧуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе.