Арчил Ҭалакваӡе  -  Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку арезолиуциа апроект лабҿаба иаанарҧшуеит ақырҭуа жәлар евроинтеграциа ишақәшаҳаҭу
Арчил Ҭалакваӡе  -  Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку арезолиуциа апроект лабҿаба иаанарҧшуеит ақырҭуа жәлар евроинтеграциа ишақәшаҳаҭу

Арчил Ҭалакваӡе  –  Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку арезолиуциа апроект лабҿаба иаанарҧшуеит ақырҭуа жәлар евроинтеграциа ишақәшаҳаҭу

 

«Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку арезолиуциа апроект лабҿаба иаанарҧшуеит ақырҭуа жәлар евроинтеграциа ишақәшаҳаҭу », —  иҳәеит апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе абиуро аилатәараҿы.

Иара иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу адокумент апарламент иахьатәи апленартә аилатәараҿы иахәаҧшуеит.

«Ишыжәдыруа ала, ҳара ажәлар ажәа раҳҭеит  Қырҭтәыла апарламент аҿы ишьақәҳарҕәҕәо раҧхьатәи адокумент Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ишазкызаауа. Апарламент ари адокумент иахәаҧшуеит иахьатәи апленартә аилатәараҿы.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку арезолиуциа апроект лабҿаба иаанарҧшуеит ақырҭуа жәлар европатәи евроатлантикатәи стрктурақәа рахь алалара  ишақәшаҳаҭу. Ажәабатәи ааҧхьара апарламент абри арезолиуциа аднакылоит, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Ҭалакваӡе.