Арчил Ҭалакваӡе Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Арчил Ҭалакваӡе Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ  ҿыц Фаиг Гулиев диҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара аҭоурыхтә аигәыларатәи апартниортәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун апарламентбжьаратә усура арҭбаара аҵакы.

Аиҧылара алахәцлацәа аглобалтә пандемиа амшала аҩтәылак рҿы иҟоу апроблемақәа ирзааҭгылан, ишазгәарҭаз ала апандемиа анеҩс, аҩтәылак рзы ахадаратә ҵакы амазаауеит ахәаахәҭратә аимадарақәеи атуризми реиҭашьақәыргылара.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.