Арчил Ҭалакваӡе - Апарламент аиҳабыра еилазаашьа ҿыц арҭ амшқәа рзы шьақәнарӷәӷәоит
Арчил Ҭалакваӡе - Апарламент аиҳабыра еилазаашьа ҿыц арҭ амшқәа рзы шьақәнарӷәӷәоит

Қырҭтәыла апарламент аиҳабыра еилазаашьа ҿыц арҭ амшқәа рзы шьақәнарӷәӷәоит, – Твиттер аҿы ари атәы ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе.

Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыԥ аиҳабыратә политика анагӡара  рымч-рылшара зегь азыркуеит.

“Ҳара анапхгаратә гәыԥ аиҳабыратә политика анагӡара  ҳамч-ҳалшара зегь азахкуеит. “Ақырҭуа гәахәтәы” атәылауаа рԥеиԥш бзиеи ақәҿиарақәеи рзы ашьаҿақәа рыҟаҵара иаҿцп”, – иҩит Арчил Ҭалакваӡе.

Иахьа аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара ари атәы ааицҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы.