Арчил Ҭалакваӡе аоппозициа  рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аусеилыргаратә комиссиа аусура рхы аладырхәырц
Арчил Ҭалакваӡе аоппозициа  рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аусеилыргаратә комиссиа аусура рхы аладырхәырц

Арчил Ҭалакваӡе аоппозициа  рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аусеилыргаратә комиссиа аусура рхы аладырхәырц

 

Акомиссиа аусура иалагаанӡа,  аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟны аконсультациақәа мҩаҧаагароуп, избанзар,  излауа ала ирацәаны аоппозициатә депутатцәа аусеилыргаратә комиссиа аусура иалахәызароуп, —  иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе.

Иара иажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа  2020 шықәса жьҭаара 31 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рызҵаара аҭҵаара иазхиоуп.

Иара ишиҳәаз ала, аоппозициа ахаҭарнакцәа, акомиссиа аусура рхы алархәны, дара иқәдыргыло ахарадҵарақәа зегьы афактқәа рыла ишьақәдырҕәҕәароуп.