Арчил Ҭалакваӡе – Аоппозициа апарламент иалалеит, урҭ апарламент аҿы имҩаԥысуа еилатәарақәа рхы аладырхәоит
Арчил Ҭалакваӡе – Аоппозициа апарламент иалалеит, урҭ апарламент аҿы имҩаԥысуа еилатәарақәа рхы аладырхәоит

Аоппозициа апарламент иалалеит, урҭ апарламент аҿы имҩаԥысуа еилатәарақәа рхы аладырхәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе «Апатриотцәа ралианс» хҩык алахәылацәа рзинмчы азхаҵара азҵаара данахцәажәоз.

Гела Миқаӡеи, Ԥридон Инџьиеи Давид Зилԥимиани апарламент иалалеит. Урҭ рзинмчы азхаҵара азҵаара изаамҭаным еилатәараҿ иӡбан.

Иахьа апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет аҿы Гела Миқаӡеи, Ԥридон Инџьиеи Давид Зилԥимиани рзинмчы азхаҵара азҵааразы абжьыҭира мҩаԥган. «Апатриотцәа ралианс» алидерцәа Ирма Инашвилии, Гьаргь Ломаиеи Гоча Ҭевдораӡеи адепутаттә мандат мап ацәыркит. Гела Миқаӡеи, Ԥридон Инџьиеи Давид Зилԥимиани апарламент аҿы рҭыԥқәа ааныркылеит.