Арҭбаареи агәыларатә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи ԥхынгәы 6-9 рзы Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани дырҭаауеит
Арҭбаареи агәыларатә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи ԥхынгәы 6-9 рзы Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани дырҭаауеит

Арҭбаареи агәыларатә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи ԥхынгәы 6-9 рзы Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани дырҭаауеит. Еврокомиссар Аахыҵ Кавказтәи атәылақа рахь раԥхьаӡа даҭаауеит.

Аахыҵ Кавказтәи атәылақәа рполитикатә напхгаҩцәеи, абизнесменцәеи атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакәеи данырԥыло, арегион аекномикатәи аинвестициатәи аплани, аконкрету аҳәынҭқаррақәа афлагмантә аԥшьгарақәа рыдигалоит.

Варҳеи Евроеидгылеи арҭ хтәылаки рыбжьара ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рҵакы дахцәажәоит.

Қырҭтәыла авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Оливер Варҳеи Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, Адәныҟтәи аусқәа рминистр Давид Залкалиании, Апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, апартиақәа рхаҭарнакәеи акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәии дырԥылоит.