«Ақырҭуа гәахәтәы» аофис хада аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра ахараҧса рықәырҵеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аофис хада аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра ахараҧса рықәырҵеит

«Ақырҭуа гәахәтәы» аофис хада аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан иаанкылаз «Қырҭтәылазы аҵысра»,  ҩыџьа активистцәа азинхьчаҩцәа рҳәатәы ахаҵамреи ахулиганреи азы  ахараҧса рықәырҵеит.  Аӡбара ақәҵара инақәыршәаны,  Каха Квеквескирии 1100 лари ахараҧса ишәароуп, Даҭо Диҕмелашвили – 1 000 лари.  Активистцәа рҩыџьагьы ргәаанагарала, дара азакәан еиларымгеит.