«Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа Гыртәыла  - Аҩадатәи Шәантәыла арегион аҿы алхраҧхьатәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит
 «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа Гыртәыла  - Аҩадатәи Шәантәыла арегион аҿы алхраҧхьатәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит

 «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа Гыртәыла  – Аҩадатәи Шәантәыла арегион аҿы алхраҧхьатәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит. Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи, апартиа амаӡаныҟәгаҩ хада Каха Калаӡеи, анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡеи, арегионалтә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Самхараӡеи Жәыргьыҭ  ауааҧсыра ирҧылеит.

Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы иалацәажәеит уажәазы атәылаҿы имҩаҧысуа аполиткиатә хҭысқәеи ҭагалан имҩаҧысраны иҟоу алхрақәеи.