"Ақырҭуа агәахәтәы" алахәылацәа аԥыза-министрc  Иракли Ӷарибашвили икандидатура идықәдыргылеит
"Ақырҭуа агәахәтәы" алахәылацәа аԥыза-министрc Иракли Ӷарибашвили икандидатура идықәдыргылеит

“Ақырҭуа гәахәтәы” алахәылацәа аԥыза-министрахь акандидатс Иракли Ӷарибашвили дықәдыргылеит. Ари аӡбара рыдыркылеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы  – адемократиатә Қырҭтәыла” аплитхеилак иахьатәи еилатәара аҿы.

Иахьа аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара ари атәы ааицҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы.

Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла аԥыза-министр иҭыԥ ааникылон 2013 шықәса абҵара 20 инаркны 2015 шықәса ԥхынҷкәын 24-нӡа.