Ақырҭуа аруааи урҭ рҭаацәарақәеи  араион ҿыц рыздыргылоит 
Ақырҭуа аруааи урҭ рҭаацәарақәеи  араион ҿыц рыздыргылоит 

Ақырҭуа аруааи урҭ рҭаацәарақәеи рзы  Махаҭа ашьхаҿы араион ҿыц аргылара иалагеит, – иахьа Қырҭтәыла Аҧыза–министр Мамука Бахтаӡеи атәылахьчара аминистри апроект ҿыц апрезентациа мҩаҧыргеит.

Арратә маҵзуҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иазку апроект мҩаҧысуеит аҳәынҭқарра аицфинансыркра ала.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҵеи   – арратә маҵзуҩцәа ирыхәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара аҵакы ҷыда амоуп. Раҧхьатәи аетап азы, апроект рхы аладырхәоит  700ҩык раҟара арратә маҵзуҩцәа, ҳаҧхьаҟа урҭ рхыҧхьаӡара иазҳауеит 2000ҩык рҟнынӡа.
” Қырҭтәыла арбџьармчқәа ирылоу ауааҧсыра зегьы агәра ганы иҟазароуп аҳәынҭқарра иаҭаху зегьы шыҟанаҵо урҭ рџьабааи рыхмеигӡареи иахәҭоу ахәшьара аиурцаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, атәылахьчаратә усбарҭаҿ аус зуа  2200ҩык иреиҳаны арратә маҵзуҩцәеи атәылауаҩратә хаҿқәеи аулафахәы рзацаҳҵеит.  2019-2020 шықәсқәа рзы  9000ҩык раҟара арратә маҵзуҩцәеи атәылауаҩратә хаҿқәеи рџьаусҧса ацаҳҵоит.  Инеизакны, аҵыхәтәантәи 4 шықәса рыла, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрреи арбџьармчқәеи рҿы 11 000ҩык раҟара ауааҧсыра рџьаусҧса иацлеит“ – иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза–министр арратә маҵзуҩцәа арбџьармчқәа рымш рыдиныҳәалеит. Мамука Бахтаӡе ишазгәеиҭаз ала, жәларбжьаратә аҭынчрачаҧаратә миссиақәа ирылахәы ақырҭуа аруаа адунеи аҿы аҭынчра ашьақәыргылараҿы ароль ҷыда нарыгӡоит.

“Ҳпартниорцәа зегьы уи иазгәарҭоит, урҭ рызынтәгьы ҳаруаа разыҟаҵареи, ргәымшәареи џьашьахәыс ирымоуп”, – иҳәеит Аҧыза–министр.

Аиҳабыра рнапхагаҩы арратә маҵзуҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, урҭ рықәҿиарақәа аҵакы ду рымоуп Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс азы.

„Иарбан милаҭзаалак, уи аҳәынҭқарратә хәыцшьа иҳәаақәҵоуп ажәлари ахатә бџьармчқәеи рызныҟәашьа ала. Ҳаруаа, рхы иамеигӡакәа,  ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымреи, ашәарҭадареи, ахақәиҭреи рыхьчоит.  Ҳара еиҿаҳкаауа ар, раҧхьа иргыланы, аҭынчра рыхьчоит. Ҳара еиҿаҳкаауа ар, ауадаҩрақәа зегьы рҿагылара иазыхиоуп“, – иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Арратә маҵзуҩцәа араион ҿыц рыздыргылоит атәылахьчара аминистрра абаланс аҿы иҟоу аҵакырадгьыл аҿы. Анхарҭақәа дыргылоит  „аиҩызара“ апринцип ала, ауадақәа рыхә аҟынтә  40% аҳәынҭқарра иашәоит.