Апрокурор – Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы дзыпҟаз ауаҩы даарҧшуп, амчылара иалахәыз егьырҭ  ахаҿқәа  раарҧшразы аусура инагӡоит
Апрокурор – Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы дзыпҟаз ауаҩы даарҧшуп, амчылара иалахәыз егьырҭ  ахаҿқәа  раарҧшразы аусура инагӡоит

Апрокурор Ҭамар Иакобиӡе ишаалыцҳаз ала, Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы дзыпҟаз ауаҩы даарҧшуп, амчылара иалахәыз егьырҭ  ахаҿқәа  раарҧшразы аусура инагӡоит.

Лара лажәақәа рыла, уажәазы Илиа Ҭвалиашвили ипҟара иалахәыз аӡәызаҵәык иоуп иаарҧшу. Иакобиӡе лҳәамҭала, Ҭвалиашвили игәабзиара аҭагылазаашьа амшала, макьана иҿахәы имхра ҟалом.

Иахаьа Қырҭтәыла апрокуратура амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылареи Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы ипҟареи,   «Ҭбилиси Праид» аофис мчыла аҩналареи азы иаанкылоу ааҩык ахара рыднаҵеит.