Апрокурор иҳәамҭала, Михаил Саакашвили   Давиҭ-Гареџьи  аус иадҳәаланы иҿахәы иҿырхыр ҟалап
Апрокурор иҳәамҭала, Михаил Саакашвили   Давиҭ-Гареџьи  аус иадҳәаланы иҿахәы иҿырхыр ҟалап

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Давиҭ-Гареџьи аус иадҳәаланы иҿахәы иҿырхар ҟалап. Ари атәы ааицҳаит апрокурор Михаил Садраӡе.

Иара ишазгәеиҭаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу аус иадҳәалоу ахаҿқәа зегьы рҿахәы рҿырхуеит.

«Ари апроцесс уадаҩуп,  ҳара аӡбарақәа здызкылоз ауаа  хшыҩзышьҭра ҷыда рзаауеит,  аҵыхәтәантәи аӡбара макьана иҳадҳамкылацт», — иҳәеит апрокурор.