Апрокуратура  АИХ ахаҭарнакцәа рықәларазы даҽа 5ҩык ахара рыднаҵеит
Апрокуратура  АИХ ахаҭарнакцәа рықәларазы даҽа 5ҩык ахара рыднаҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура, рашәара 5-еи 6-еи рзы «Ҭбилиси Праид» иаҿагыланы имҩаҧгаз акциа аан  АИХ ахаҭарнакцәа рықәлареи, рзаанааҭтә усура амҩаҧгараҿы рҧырхагахареи, адискриминациа еиуеиҧшым адыргақәеи рзы даҽа 5ҩык ахара рыднаҵеит.

Зыӡбахәы ҳәоу акциа аан иҟалаз амчылара афактқәа ирыдҳәаланы имҩаҧысуа аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, зынӡа аанкылоуп 8ҩык ауааҧсыра.

Ишдыру ала, аахақәа роуит 25ҩык, урҭ рҟынтә  19ҩык ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи роуп.