Апроект  The Voice, раҧхьаӡа акәны,  Қырҭтәылагьы иинтерактиву  ахәаҧшцәа амазаауеит
Апроект  The Voice, раҧхьаӡа акәны,  Қырҭтәылагьы иинтерактиву  ахәаҧшцәа амазаауеит

Апроект  The Voice аҟынтә зеиҧшҟамлац алшара  — уажәшьҭарнахыс ахәаҧшцәа, амузыкатә проект анҵара анахарала аҽалархәреи аекран аҿы рхатә ҭыҧ аанкылареи рылшоит.

Ахәаҧшцәа ари апроцесс рҽаладырхәыр рылшоит апрограмма  Zoom ахархәарала.

Авидеонҵамҭа аҽалархәразы, ахәаҧшцәа, Феисбук аҿы иҟоу агәыҧ (The Voice • Қырҭтәылантә ахәаҧшҩы) рыҽҭаҩроуп.

Аҭыҧқәа рхыҧхьаӡара ҳәаақәҵоуп,  100  еиҳамзароуп.

Хара имгакәа, жәларбжьаратәи амузыкатә проект  The Voice  Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иалагоит. Атренерцәа рыҧшьҩыкгьы идыруп: Стефане Мҕебришвилии, Николоз Раҷвелии, Ниаз Диасамиӡеи, Саломе Коркотишвилии.