Аҧсны де-фaкто Ахашшааратә аӡбара аколлегиа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп иахьа
Аҧсны де-фaкто Ахашшааратә аӡбара аколлегиа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп иахьа

Аҧсны де-фaкто Ахашшааратә аӡбара аколлегиа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп иахьа. Аҧсны де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 10 асааҭ 15:00 рзы.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Импыҵaхaлоу Аԥсны имҩаԥысит де-фaкто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит. Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит. Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.