Аҧсны де-факто ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа еизеит
Аҧсны де-факто ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа еизеит

Аҧсны де-факто ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа еизеит.

Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рхыбра аҿаԥхьа, Лакоба имҩаҟны еизеит.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан. Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ. Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит. Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо. Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны де-факто  Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.