Аҧсылмантә ауаҧшь ахаҭарнакцәа  Чохатаури ахадара аҧхьа еизаны, даҽа еиҧыларак амҩаҧгара иаҳәеит
Аҧсылмантә ауаҧшь ахаҭарнакцәа  Чохатаури ахадара аҧхьа еизаны, даҽа еиҧыларак амҩаҧгара иаҳәеит

Аҧсылмантә ауаҧшь ахаҭарнакцәа  Чохатаури ахадара аҧхьа еизаны, даҽа еиҧыларак амҩаҧгара иаҳәеит

Аҧсылмантә ауаҧшь ахаҭарнакцәа  Чохатаури ахадара аҧхьа идыршеит. Дара ишырҳәаз ала,  аганқәа рыбжьара даҽа еиҧыларак мҩаҧыргар рҭахуп.

«Иацтәи аиҧылара алҵшәа ахылымҵит. Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә ҳадгылаҩцәа ҳрызҧшуп. Ақьырсиантәи аҧсылмантәи ауаҧшьқәеи, Апатриархиеи, Амуфтиати, атәыла анапхгареи, АИХи  рхаҭарнакцәа рылахәызаара ала даҽа еиҧыларак мҩаҧгатәуп.  Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа ари азҵаара зырыӡбом. Ҳара аҳәынҭқарра аҟынтә ҳаҳәоит абри ақыҭа мацараҿ акәымкәа, атәыла зехьынџьара аҧсылманцәа Анҵәаимаҵзура амҩаҧгара азин рырҭарц», — иҳәеит аҧсылмантә ауаҧшь ахаҭарнак Ҧируз Ҵулукиӡе.