Аҧыза-министри аиҳабыра алахәылацәеи  Баҭым акорпус аилаҳара аан иҭахаз ауаа руацәа ирыдашшылеит
Аҧыза-министри аиҳабыра алахәылацәеи  Баҭым акорпус аилаҳара аан иҭахаз ауаа руацәа ирыдашшылеит

Баҭым, акафедралтә ныхабааҿы, акорпус аилаҳара аан иҭахаз ауаа ргәаларшәаратә панихида мҩаҧысуеит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии аиҳабыра алахәылацәеи иҭахаз ауаа руацәа ирыдашшылеит.

Иахьа Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы рылаҳәоуп. Атәыла зехьынџьара административтә хыбрақәа рҿы аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

Жьҭаара  8 рзы, Баҭым, Лаҵара  26 амҩаҿы,  анхарҭатә корпус хәҭак еилаҳаит. Жәҩык ҭахеит, аӡәы деиқәхеит. Аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны хҩык аанкылоуп.