Аҧыза-министр иҳәамҭала, ҳаҧхьаҟагьы атенденциа бзиахар, заанаҵы аекономика аадыртыр ҟалап
Аҧыза-министр иҳәамҭала, ҳаҧхьаҟагьы атенденциа бзиахар, заанаҵы аекономика аадыртыр ҟалап

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,  аиҳабыра реилатәараҿы иалацәажәоит атәылаҿы излауа ала ирласны,  етапла,  аха шәарҭада аекономика шаадыртыша.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы иҟоу атенденциа бзиоуп.

«Инеишьҭаргыланы 7мшы рыҩнуҵҟа  4 наӡынак иҵоуроу арбага  анҳаулак, ҳара иаҳа гәымшәарыла,  аха гәҽанызаарыла аекономика ааҳартыр ҳалшоит. Иахьазы иҟоу атенденциа агәыҕра ду ҳнаҭоит.  Убри аҟынтә,  иахьа ари азҵаара алацәажәара ҳалагароуп.  Анеҩстәи амчыбжь азы абри атенденциа ҳахьчар,   етапла аекономика аартра апроцесс заанаҵы ҳалагоит.  Раҧхьа иргыланы,  Қарҭи,  Қәҭешьи,  Русҭавии роуп сызлацәажәо.  Раҧхьа иргыланы,  аҵаратә усбарҭақәа роуп сызлацәажәо,  ахәыҷқәа аклассқәа рҿы аҵара иалагаратәы  алшара раҳҭароуп», — иҳәеит Гахариа.