Аҧыза-министр идҵала, иашьашәалоу аусбарҭақәа аихамҩа акорпоратизациеи аиҭакреи аплан еиқәдыршәоит
Аҧыза-министр идҵала, иашьашәалоу аусбарҭақәа аихамҩа акорпоратизациеи аиҭакреи аплан еиқәдыршәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр, аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа аҳәақәа ирҭагӡаныҚырҭтәыла аихамҩа ахаҭарнакцәа дырҧылеит. Аиҧылара рхы аладырхәит арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистр Маиа Цқьитишвилии, афинансқәа рзы аминистр Иване Маҷавариании, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи.

Аиҧылара алахәылацәа ҳаҧхьааҟа аихамҩа акорпоратизациазы имҩаҧгатәу ареформақәа ирылацәажәеит. Иара убас, аилахәыраҿы иҟоу апроблемақәеи ақәҿиарақәеи ирзааҭгылеит, иҳаҩсыз ашықәс аихшьаала азыруит. Ишазгәаҭаз алаҚырҭтәыла аихамҩа, аусура алҵшәақәа реиҕьтәразы имаҷымкәа  аресурсқәа амоуп.

Абри ахықәкы анагӡаразы, иашьашәалоу аусбарҭақәа, аҧыза-министр идҵала, аихамҩа акорпоратизациеи аиҭакреи аплан аус адырулоит.   Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, ареформа абзоурала, аҳәынҭқарратә наплакқәа анапхгара рыҭара асистема акорпоративтә напхгаараҭара иҳаракӡоу астандартқәа ирзааигәахоит.

Аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформеи рприватизациеи арласра аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри аҩыза аиҧыларақәа аинтенсивтә режим аҿы имҩаҧысуеит.