Аҧыза-министр – Иахьа ишьақәҳарҕәҕәо аплан инақәыршәаны,  2021 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә  60 наӡына еиҵамкәа авакцинақәа рзыҟаҵазароуп
Аҧыза-министр – Иахьа ишьақәҳарҕәҕәо аплан инақәыршәаны,  2021 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә  60 наӡына еиҵамкәа авакцинақәа рзыҟаҵазароуп

Иахьа ишьақәҳарҕәҕәо аплан инақәыршәаны,  2021 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә  60 наӡына еиҵамкәа авакцинақәа рзыҟаҵазароуп, — аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, атәылаҿы авакцинақәа рзыҟарҵоит зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, раҧхьатәи аетап азы атәылаҿы авакцинақәа рзыҟаҳҵоит зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәа. Ҳәарада,  раҧхьа иргыланы, амедицинатә усзуҩцәеи,  75 шықәса еиҳаны изхыҵуа ҳтәылауааи, анеҩс –   60 инаркны  75шықәсанӡа изхыҵуа ауааҧсыреи роуп сызлацәажәо», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.