Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа иҟаиҵаз адныҳәалара
Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа иҟаиҵаз адныҳәалара

Акыр иаҧсоу атәылауаа,

Ишәыдысныҳәалоит иаиуа  2021 шықәса. Шәареи шәҭаацәарақәеи агәабзиареи мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит.

Иҳаҩсыз ашықәс адунеи зегьы азы зеиҧшҟамлац ала иуадаҩын.  Ҳара иубарҭам аҕа  ҳаиҿагылан, убри амшала абжьааҧнытә ҳаҧсҭазаашьа мап ацәаҳкыр акәхеит, акыр иаҳзыҧсаз ауаа ҳцәыӡит.

Аха, апроблемақәа шырацәазгьы,  2020 шықәса ахәшьараҭара  шықәсын, ҳара ҳазынтәгьы зегьы реиҳа хәы змоу  – ауаҩы иҧсҭазаареи игәабзиареи ҳазхәыцуан.

2020 шықәсазы Қырҭтәыла аиҳабыра зеиҧшҟамлац ала аҭакҧхықәра ду  рыдын, аҳәынҭқарреи атәылауааи, еидгыланы, апроблемақәа ирҿагылеит.

Иубарҭам аҕа иҿагылараҿы афырхацәа чыда иҟоуп. Урҭ агәабзиарахьчара аусхкы аҿы аус зуа ауааҧсыра роуп  – аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи, асанитарцәеи, урҭ абарҭ аминуҭқәа рзгьы ҳтәылауаа рыҧсҭазаара аиқәырхара иазықәҧоит, – урҭ ирдыруазар сҭахуп, ҳара ҷыдала ҳраҭабууп.

Аполициа аусзуҩцәа, ахаланапхгаратә органқәа рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа, урҭгьы фырхацәоуп, избанзар зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, ҳтәылауаа   ишәарҭам алагылазаара рзеиқәыршәаразы, ҳтәылауаа рыцхрааразы   рхы иамеигӡакәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан.

Сынтәа аҷыда ҭагылазаашьаҿы Ашықәс ҿыц ҳаҧылоит  – аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаҧагом. Ахәыҷқәа зегьы реиҳа бзиа ирбо абри аныҳәа  иаҩцацәамкәа, аҩны  ҳаҧылоит.  Иахьазы абри ауп аҭакҧхықәра захьӡу, ҷыдала, зықәрахь инеихьоу ҳтәылауаа рҿаҧхьа аҭакҧхықәра. Иахьазы, изакәызаалак дыргак ала ҳҽеиҩаҳшар ҟалом, аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла атәылауаа рымаҵ ауразы ҳаидгылароуп  – абри ауп ҳажәлар иҳадырҵаз. Уи зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоауп аааиуа ашықәс ақәҿиарақәа ҳзаанагарцаз!

Қырҭтәылагьы уи анҭыҵгьы иҟоу ҳаицтәылауаа зегьы иааиуа Ашықәс Ҿыц рыдысныҳәалар сҭахуп; аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа  – урҭ рыда Қырҭтәыла аҧеиҧш бзиа заиуам.

Ҳполициа аусзуҩцәа, ҳаруаа, ҳарҵаҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа  – атәыла аҧеиҧш бзиа аиурц азыҳәан зхы иамеигӡакәа аус зуа ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит. Ҷыдала Ашықәс ҿыц иеигәырҕьо ахәыҷқәа ирыдысныҳәалар сҭахуп. Ҳаиҳабацәа ирыдысныҳәалоит  – ижәдыруазааит, шәара ҷыдала ҳшәеиҷаҳауеит.

Акзаара ауп аиааира ҳзаазгаша, ақырҭуа жәлар акыршықәса рыҩнуҵҟа гәахәтәыс ирымоу  – европатәи аҭаацәара алалара ахықәкы анагӡараҿы иҳацхрааша.

Даҽазнык ишәыдысныҳәаит  2021ашықәс ҿыц,  уи  иаҳа  еиҕьу аҧеиҧши, атәыла ақәҿиарақәеи, аиҭашьақәыргылареи аҿиареи рышықәсхоит!

Агәабзиареи анасыҧ бзиеи шәзеиҕьасшьоит!