Аҧыза-министр, Бриуссель, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара ихы алаирхәит
Аҧыза-министр, Бриуссель, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги еицымҩаҧыргаз апрессконференциа ашьҭахь, Бриуссель, НАТО аофис хада аҿы, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара мҩаҧган, уи аҿы  евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресси, НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәеи, азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадараҿы Амшын еиқәа ашәарҭадара аҵаки иалацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла иҟанаҵо алагала ду.

Хшыҩзышьҭра рызун арегион аҿы агеополитикатә лагылазаара ҿыци Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи.  Акомиссиа аилатәараҿы даҽазнык ишьақәырҕәҕәан НАТО Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.