Аҧыза-министр Аҿиареи Аиҭашьақәыргылареи Европатәи Абанк  арегионалтә директор дылҧылеит
Аҧыза-министр Аҿиареи Аиҭашьақәыргылареи Европатәи Абанк  арегионалтә директор дылҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа  Аҿиареи Аиҭашьақәыргылареи Европатәи Абанк  арегионалтә директор Катарина Биорлин Ҳансен дылҧылеит.

 

Аиҳабыра рнапхгаҩы  EBRD  даҭабууп иҿырҧшыгоу аусеицуразы, иара ишазгәеиҭаз ала,  Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанк Қырҭтәылазы апартниор бзиоуп,  уи алагала ду ҟанаҵеит атәыла аекономикатә аҿаиара апроцесс аҿы.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла  EBRD аинвестициақәа рхархәаҩ дууп, аенергетикатә сектори, ақыҭанхамҩеи, хазхаҭалатәи асектори ирылаҵоу аинвестициақәа атәыла аекономикатә аҿиаразы анырра бзиа рымоуп, ҷыдала, COVID-пандемиа аан.

EBRD арегионалтә директор ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанки ибзиаҵәҟьаны аус еицыруеит, дара иқәдыргылаз ахықәкқәа рынагӡара аганахьала иҳаҩсыз ашықәс даараӡа ибзиан.

„Ҵыҧх ҳара ҩынтә еиҳаны ақәҿирақәа ҳаман, ҧасатәи ашықәсқәа раан иҟаҳҵаз аҵкыс ҩынтә еиҳаны иҟаҳҵеит. Убри аҟынтә, ҳусеицура ахәшьара ду аҳҭар ҳалшоит.  Ахадаратә усқәа мҩаҧнагоит Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанк қарҭтәи аофис. Ҳара алшареидара наӡа ала аус аауеит, ҳақәҿиарақәа ҳрылаҽхәаратәы ҳаҟоуп. Иахьатәи аиҧылараҿы ҵыхтәи ҳусура алҵшәақәа ҳрылацәажәеит, ҳәарада, алҵшәақәа даараӡа ибзиан. Иара убас, сынтәатәи ахықәкқәеи астратегиа ҿыци ҳарзааҭгылеит. Ҳара, Қырҭтәыла иазкны, анеҩстәи 5 шықәса рзы астратегиа ҿыц аҩра  ҳаҽуп. Уи адагьы, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанк ахада ҿыц  Одил Лено-Басо лҟны ҳаҧхьаҟа онлаин-аиҧыларақәа рымҩаҧгара азҵаарагьы ҳазааҭгылеит, арҭ аиҧыларақәа жәабран 1-2 рзы имҩаҧысуеит“, – илҳәеит Катарина Биорлин Ҳансен  Аҧыза-министр даниҧыла ашьҭахь.