Аҧыза-министр аоппозициаа рконструктивтә хәҭа апарламент иалалап ҳәа дгәыҕуеит
Аҧыза-министр аоппозициаа рконструктивтә хәҭа апарламент иалалап ҳәа дгәыҕуеит

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  жәларбжьаратәи апартниорцәа ргәаанагарала, аоппозициаа цасҳәа акризис аҧырҵеит, избанзар ҳпартниорцәа алхрақәа ирыдҳәаланы азҵаарақәа рымам.

«Иахьа Евроеидгыла аҟынтә ҳҩызцәа рҟны иакымкәа аиҧыларақәа мҩаҧызгеит, дара Қырҭтәыла аҧеиҧш бзиа амазар рҭахуп.  Аихшьаала ҟаҳҵозар, дара абри ауп иҳабжьарго  — аполитикатә партиақәа азеиҧш бызшәа рыҧшаароуп, ҳара ҳазынтәгьы Қырҭтәыла апарламент аҿы аполитикатә ҧсҭазаара наҳагӡароуп. Абас ауп рызынтәгьы ргәы ишаанаго,  аӡәгьы даҽа гәаанагарак имам», —  иҳәеит Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ицәырыргаз аҳасабырбақәа инрықәыршәаны,  алхрақәа рзакәанра азҵаара иқәгылам.

«Аҳәынҭқарратә хәыцшьа змоу аконструктивтә оппозициаа рыгәра згоит, ҳәарада, сара Саакашвилии идгылаҩцәеи ррадикалтә хықәкқәеи ридеиақәеи акәӡам сызлацәажәо.  Аконструктивтә оппозициа  ҳуааҧсыра рҧеиҧш иазхәыцны, апарламент иалалап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Ҕарибашвили.