«Апатриотцәа ралианс» ахаҭарнакцәа аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд рхы аладырхәоит
«Апатриотцәа ралианс» ахаҭарнакцәа аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд рхы аладырхәоит

«Апатриотцәа ралианс» алидер Ирма Инашвили ишылҳәаз ала, лпартиа ахаҭарнакцәа, дара рхала еиҧҟьарада ацҳаражәҳәаҩцәа ирацәажәоит.

Инашвили лажәақәа рыла, «Апатриотцәа ралианс» аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд рхы аладырхәоит.

«Ҳпартиа араундқәа зегьы активла ирылахәын. Ишаадыруа ала, ахәбатәи араунд ажьырныҳәазы имҩаҧысраны иҟоуп, ҳзеиқәшаҳаҭхар аабап.  Ишыҟазаалакгьы, ҳара атәылаҿы аҿыц алхрақәа рымҩаҧгаразы ақәҧара наҳагӡоит», — илҳәеит Инашвили.