Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура  иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы  иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц
Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура  иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы  иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц

Апартиа “Қырҭтәыла адгыларазы” ахаҭарнакцәа апрокуратура  иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы  иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц. Уажәааны Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изиҳәеит анаркотикқәа идикылоит ҳәа.

Апрокуратура арзаҳал аларҵеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» иалахәы  Анна Буҷукурии Михаил Даушвилии.

Дара апрокуратура аҟынтә иаҳәоит   «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы иқәиргылаз ахарадҵара иадҳәаланы зыҧшра ҟамҵакәа аусеилыргара алагареи,  Ираклия Кобахиӡе иҿахәы имхреи, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьаура шьақәыдмырҕәҕәар,  Кобахиӡе амцҳәаразы аҭакҧхықәра идҵареи.

«Абри ахарадҵара изакәызаалак шьаҭак шаҵам анеилыркаалак,  ҳпартиа алидер абас изызҳәаз Кобахиӡе амцҳәаразы аҭакҧхықәра иқәырҵароуп», — иҳәеит Даушвили.