Апартиа  «Лело»  Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иамхра иаҳәоит
Апартиа  «Лело»  Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иамхра иаҳәоит

Иацы АИХ иаладырҵәаз имаӡоу аудионҵамҭақәа ирыдҳәаланы, апартиа  «Лело» ахаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵеит.

«Лело» ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иамхра иаҳәоит.

«2021 шықәса хәажәкыра 6 рзы ателеканал  «TV Пирвели» ала иҭыҵыз аҭыхымҭаҿы иарбоуп  Бера Иванишвилии, Иракли Ҕарибашвилии, Анзор Чубиниӡеи реиҿцәажәара. Ари аиҿцәажәара    еиҿкаау ацәгьаура  аҟазшьақәа анубаалоит.

«Лело»  иқәнаргылаз аҳәарақәа:

  1. Аҭыхымҭаҿы иарбоу афактқәа ирыдҳәаланы зыҧшра ҟамҵакәа ауселыргара алагара.
  2. Аусеилыргара иалахәызароуп иреиҕьу жәларбжьаратәи аусеилыргаратә институтқәа
  3. Аусеилыргаразы анырра аҽацәыхьчара амзызла, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда анапхгаҩы Анзор Чубиниӡеи зыҧшра ҟамҵакәа рнапынҵақәа шьҭарҵароуп.

«Лело ахаҭарнакцәа Иракли Ҕарибашвили дызлахәы иарбанзаалак аформат рхы аладырхәом», — иануп аоппозициатә партиа аҳәамҭаҿы.