Апартиа «Лело»  Қырҭтәыла апарламент абаикот азура иаҟәыҵит
Апартиа «Лело»  Қырҭтәыла апарламент абаикот азура иаҟәыҵит

«Ҳара апарламент абоикот азура ҳаҟәыҵит,   апарламент аҿы абжьааҧнытә режимла аусура наҳагӡоит», — Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азааицҳаит апартиа  «Лело» ахаҭарнак  Григол Гегелиа.

«Егьырҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла аоппозициаа рзеиҧш протест ҳалахәызаауеит,  ҳара,  атәыла ахақәиҭтәразы ҭынч ақәҧара наҳагӡоит», — иҳәеит  Гегелиа.

Иара иажәақәа рыла,  Михаил Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара  —  аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауа ашьаҿа бзиоуп.