Апартиа «Лело»  Леқсо Лашкарава иҧсра  амшала Аҧыза-министри аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр зыҧшра ҟамҵакәа рамхра иаҳәоит
Апартиа «Лело»  Леқсо Лашкарава иҧсра  амшала Аҧыза-министри аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр зыҧшра ҟамҵакәа рамхра иаҳәоит

«Акгьы зхарамыз ауаҩы иҧсреи, аполиткиатә интересқәа рымшала ауаа рықәхреи, аҳәынҭқарра арбгараа аҽазкреи  аӡәгьы ианаҳажьуам», — иануп апартиа «Лело» аҳәамҭаҿы.

«Ажурналистцәа ирҿагыланы имҩаҧгаз аоперациа ҷыда амшла ауаҩы дыҧсит. Ателееилахәыра  «Пирвели» аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава иҧсра дараӡа ҳгәы иалсит.  Рашәара 5 рзы Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа атәылаҿы атәылауаҩратә еибашьреи аҳәынҭқарра арбгареи иазку урыстәылатәи асценари хәҭак ауп.

Ҳара Аҧыза-министри аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри зыҧшра ҟамҵакәа рамхра ҳаҳәоит. Иуадаҩӡаз аҭагылазаашьаҿы Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа  ацәгьаршратә ҟазшьа аман, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амчылара аҧыхра залымшеит, ма иаҭахымхеит», — иануп апартиа  «Лело» аҳәамҭаҿы.