Апарламент Иракли Ҕарибашвили иеиҳабыра агәрагара рзаанарҧшит
Апарламент Иракли Ҕарибашвили иеиҳабыра агәрагара рзаанарҧшит

Қырҭтәыла апарламент Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ аҿы Иракли Ҕарибашвилии аиҳабыра аилазаара ҿыци агәрагара рзаанарҧшит.

Азакәанҧҵаратә орган, 89 быжьқәа рыла, еицҿакны, Иракли Ҕарибашвили иеиҳабыреи, иара убас, „Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы“ захьӡу аиҳабыратә программа ҿыци иадгылеит.

Аиҳабыра реилазаара ҿыц аҿы ҩыџьа аминистрцәа рыҧсахит. Атәылахьчара аминистрс дҟарҵоит Джуаншер Бурҷулаӡе. Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистр иҭыҧ ааникылоит Иракли Қарселаӡе.

Егьырҭ быжьҩык аминистрцәа рҭыҧқәа рҿы иаанхоит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалоит Давиҭ Залкалиани, аиустициа аминистр – Гоча Лордқиҧаниӡе, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыҧ ааникылоит Вахтанг Гомелаури, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрс дҟалоит Наҭиа Турнава. Афинансқәа рминистрра дахагылоит Иване Маҷавариани. Аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти азы аминистрс дҟарҵоит Михаил Чхенкели. Аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи азы аминистр иҭыҧ ааникылоит Леван Давиҭашвили, Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр  – Ҭеа Ахвледиани, Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Екатерине Тикараӡе.