Апарламент иахьатәи еилатәараҿ "Амнистиа иазку" азакәан актәи аԥхьара иаган
Апарламент иахьатәи еилатәараҿ "Амнистиа иазку" азакәан актәи аԥхьара иаган

Апарламент иахьатәи апленартә еилатәараҿ “Амнистиа иазку” азакәан актәи аԥхьара иаган.

Аӡбара рыдыркылеит апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи аоппозициеи реиԥылараҿ.

Аганқәа лаҵара 27 рзы иашьҭанеиуа еиԥылара мҩаԥыргоит, уи ашьҭахь азакәанпроект еилатәараҿ иқәдыргылоит.