Апарламент  „Азеиҧш аӡбарақәа ирызку"азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит
Апарламент „Азеиҧш аӡбарақәа ирызку"азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит

Қырҭтәыла апарламент „Азеиҧш аӡбарақәа ирызку”азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит.

Иахьатәи апленартә аилатәараҿы азакәанпроект цәыригеит аиуристтә зҵаарақәа ркомитет ахантәаҩы Анри Оханашвили. Уи ашьҭахь абжьыҭира амаҩаҧысит. Аҧсахрақәа ирыдгылеит  87ҩык адепутатцәа, 33ҩык адепутатцәа азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеит.

Апарламенттә аиҳара идырмазеиз аҧсахрақәа рыла иҳәаақәҵоуп Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа ралхра акритериумқәеи Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак ала акандидатцәа ралхреи апарламент аҿы рықәыргылареи апроцедура. Иара убас,  ишьақәыргылоуп аӡбаҩцәа ирзықәдыргыло аквалификациатә аҳәарақәа.

Азакәанпроект аҿы Венециатәи акомиссиа абжьгарақәак иазҧхьагәаҭоуп,  урҭ инрықәыршәаны,  Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рзы аквалификациатә ҧышәарақәа иаҧырхуп.