Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, даҽа оппозициатә партиакгьы апарламент иалалар ҟалап  
Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, даҽа оппозициатә партиакгьы апарламент иалалар ҟалап  

«Алхратә реформа иадҳәаланы ҳара ҳпозициеи апартиа  «Атәылауаа» апозициеи  убас еизааигәоуп, ҳара ҳаиқәшаҳаҭхар ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит.  Ус ҟалар, апарламент аҿы даҽа оппозициатә партиак иҟазаауеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе  апартиа  «Атәылауаа» алидерцәа Алеко Елисашвилии Леван Иоселиании данырҧыла ашьҭахь.

Ҭалакваӡе ишиҳәаз ала, уажәазы детальқәак ирылацәажәоит.

Апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала,  аиҿцәажәарақәа рыбзоурала анапхгратә гәыҧи апартиа  «Атәылауааи» еиқәшаҳаҭхап ҳәа дгәыҕуеит. Иара егьырҭ аоппозициатә партиақәагьы уи рыбжьеигоит.

Апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала,  аиҳабыра изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара иахәаҧшуам, избанзар алхрақәа раан ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи ихьчан.

Иара ишазгәеиҭаз ала, арегламент инақәыршәаны,  мчыбжьык ашьҭахь, Қырҭтәыла апарламент  алахәылацәа азинмчқәа раанкылара иазкны арзаҳал алазҵаз аоппозициатә депутатцәа рзинқәа раанкылара азҵаара иахәаҧшуеит.