Апарламент аҧхьа имҩаҧысуа апротесттә акциа  [афото]
Апарламент аҧхьа имҩаҧысуа апротесттә акциа  [афото]

Русҭавели имҩаду аҿы,  апарламент ахыбра аҧхьа,  АИХ ахаҭарнакцәа апротесттә акциа мҩаҧыргоит.

Акциа алахәылацәа аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра аус аилыргареи Аҧыза-министр иамхреи иаҳәоит.

«Сара Леқсо иасҳәар сҭахуп ҳара хымҧада абри аус аҵыхәанӡа ишынаҳагӡо. Сара сдырраҭараҿы Леқсо иҧсра ада  уаҳа акгьы салацәажәом. Ҳара Леқсо ҳиаҭабууп, избанзар  Леқсо абарҭ агәымхақәа идирбеит ҳара ҳшырацәоу. Шәара, игәаҕьны, иҟашәҵаз ҟашәҵеит. Сара сзы иахьа илашьцахеит. Иахьатәи аиҳабыраҿы аӡәы идамхаргьы, атәыла деиҷаҳауазар, иаашәырҧшы, дамшәх  аҧыза-министр, аҭакҧхықәра идышәҵа», — илҳәеит  «ТВ Пирвели» адиректор Инга Григолиа.