Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәа даҽа қьалак дыргылеит
Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәа даҽа қьалак дыргылеит

Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәа даҽа қьалак дыргылеит.

“Иахьа апарламент аԥхьа жәахатәи ақьала ҳаргылоит, Баҭым аҟынтә ҳадгылаҩцәа ааит. Ауаажәлар аиааира агара рылшоит, изаамҭаным алхрақәа хымԥада мҩаԥгахоит,”  – иҳәеит акциа алахәылацәа руаӡәы Беқа  Папашвили.

Иацы апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа алахәылацәа амҩаргәы аҿы ақьала дыргылеит.

Иацы аоппозициа ахаҭарнакцәа  «Ахақәиҭразы аныҟәара» захьӡыз акциа мҩаҧыргеит. Дара Ника Мелиа ихақәиҭтәреи изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит. Уажәазы адемонстрантцәа рыхәҭак аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа игылоуп, егьырҭ  — апарламент аҧхьа.