Апарламент аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеит
Апарламент аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеит

Қырҭтәыла апарламент аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеит.

Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, апарламент ажәабатәи ааԥхьара илегитимым, Аиҳабыра ашьақәырӷәӷәара зин амам.

Қырҭтәыла апарламент изаамҭаным апленартә еилатәара мҩаԥнагоит, еилатәараҿ Аиҳабыра еилазаашьа ҿыци аиҳабыратә программеи агәрагара рзаарԥшра апроцедура мҩаԥысуеит.