Апарламент  2022 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәнарҕәҕәеит
Апарламент  2022 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәнарҕәҕәеит

Қырҭтәыла апарламент  2022 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәнарҕәҕәеит.

Анеҩстәи ашықәс абиуџьет   19 миллиард  171 миллион лари иаҟароуп.

Абиуџьет инақәыршәаны, ахарџьқәа рыхәҭа  332 миллион ала иазҳаит. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҿы аулафахәы  10 наӡынак ацырҵоит.

Абиуџьет адефицит  4,4 наӡынала имаҷхеит, аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага  6 наӡынак рҟынӡа ишьҭыҵит  — 65 миллиард лари иаҟароуп.

Аҳәынҭқарратә ауал  51 наӡынанӡа еиҵартәит.