Апаралимпиада 2020 | Нино Ҭибилашвили араӡнытә медал лоуит #1TVSPORT
Апаралимпиада 2020 | Нино Ҭибилашвили араӡнытә медал лоуит #1TVSPORT

Токио имҩаԥысуа апаралимпиадаҿ Қырҭтәыла аизга алахәыла Нино Ҭибилашвили қәҿиарала дықәгылеит.

Афиналбжанӡа Нино имариам амҩа дахысит. Афинал ахь аиасразы ақырҭуа спортсмен украинатәи Евгение Бриус дылԥылеит. Нино Ҭибилашвили 15:12 ҳәа аиааира агара лылшеит.

Ахьтәы медал аиура Нино Ҭибилашвилии китаитәи аспортсмен Биан Цзини иазықәԥон. Ҭибилашвили 7:15 ҳәа даҵахан, араӡнытә медал лоуит.