Аоппозициаа алхрақәа аҩбатәи атур азы аҽазыҟаҵара иалагеит
Аоппозициаа алхрақәа аҩбатәи атур азы аҽазыҟаҵара иалагеит

Алхраԥхьатәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алхрақәаа аҩбатәи ртур азы аҽазыҟаҵара активла ҳалагеит, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Заал Удумашвили.

Удумашвили иажәақәа рыла, аоппозициатә партиақәа рҟны аконсультациақәа мҩаԥысуеит аҩбатәи атур ахь иасыз акандидатқәа рыдгыларазы.

“Аоппозициатә партиақәа зегьы аҩбатәи атур ахь ииасыз акандидатцәа аиааира ргарц рымчқәа рҽеидыркылароуп. Урҭ аҩбатәи атур аҿы аиааира агара рылшоит. Жьҭаара 30 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рҿы 20 муниципалитетқәа зегьы рҿы аиааира агара ҳалшоит, аиааира ҳазықәԥоит, – иҳәеит Заал Удумашвили.

Аҭы́ԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа аҩбатәи ртур жьҭаара 30 рзы мҩаԥгахоит.